Амшқәа ҭышәынтәалеит, уи ақыҭауаа ирнаҭоит алшара ааԥынтәи аусурақәа мҽхакы ҭбаала рылагаразы. Ацәаӷәара, алаҵара, адгьыл азырхиара, ари зегьы есышықәса иазгәаҭоу усмҩаԥгатәқәоуп. Сынтәа Гал араион алшарақәа зеиԥшрои ари ахырхарҭала? Амашьына-трактортә станциа алшарақәа абанӡеизхо, ахәқәа шьақәырӷәӷәома? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак ҟаиҵоит араион агроном хада Лери Шьониа.
Асас: Гал араион агроном хада Лери Шьониа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.