Аҟәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеранцәа Рссоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра иазкуп.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рассоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. Иазгәеиҭеит шәҩыла Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа абџьар кны рыԥсадгьыл шырхьчоз. Амилициа аусзуҩцәа 41-ы Аԥсны ахақәиҭра рхы шақәырҵаз. "Шәара шәшьа зызкашәҭәоз ҳаԥсадгьыли, игыларан иҟоу абиԥарақәеи аԥеиԥш бзиа роуааит" — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Путин Сҭамԥыл Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа ирылахәхо Урыстәылатәи аделегациа аилазаара шьақәирҕәҕәеит ҳәа аанацҳауеит Кремль. Уи иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин, Урыстәыла Арбџьармчқәа Рштаб хада Анапхгара хада аиҳабы Игорь Костиуков, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Фомин, даҽа ҧшьҩык аекспертцәа. Аделегациа напхгара аиҭоит Урыстәылатәи Афедерациа ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Урыстәылатәи АШәМ анеонацисттәии атеррористтәии идеологиа Telegram аканалқәеи ачатқәеи рҿы ирылазырҵәоз 57-ҩык администраторцәа русура аԥдырҟәҟәааит. Азинмчрақәа аҿар рыбжьара ақәымчреи, хыԥхьаӡара рацәала ауаа рышьреи, аҽшьреи ридеологиа аларҵәара алмыршаразы 81 раион рҿы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит. Уи адагьы, Москвеи Тиумени рҵараиурҭақәа рықәлара азыҟаҵара, Кемерово, Ростов ақалақьқәа рҿы ақәымчратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалахәыз фҩык ауаа аанкылоуп ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.