Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҟәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеранцәа Рссоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра иазкуп.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рассоциациа аԥҵара 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. Иазгәеиҭеит шәҩыла Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа абџьар кны рыԥсадгьыл шырхьчоз. Амилициа аусзуҩцәа 41-ы Аԥсны ахақәиҭра рхы шақәырҵаз. "Шәара шәшьа зызкашәҭәоз ҳаԥсадгьыли, игыларан иҟоу абиԥарақәеи аԥеиԥш бзиа роуааит" — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Путин Сҭамԥыл Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа ирылахәхо Урыстәылатәи аделегациа аилазаара шьақәирҕәҕәеит ҳәа аанацҳауеит Кремль. Уи иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин, Урыстәыла Арбџьармчқәа Рштаб хада Анапхгара хада аиҳабы Игорь Костиуков, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Фомин, даҽа ҧшьҩык аекспертцәа. Аделегациа напхгара аиҭоит Урыстәылатәи Афедерациа ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Таврида-арт аус ацура атуристтә усхк аспециалистцәа рзанааҭтә ҟазшьақәа рыҩаӡара аизырҳареи, аусутәи азанааҭтәи еимадарақәа рышьақәыргылареи иацхраауеит ҳәа иҳәеит Аршба. "Сара агәра ганы сыҟоуп, уажәы Ҟрым имҩаԥысраны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рымҽхак ҳаҿар рзы амҩа ҿыцқәа шаанартуа, избанзар, ари формат ҿыцуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы амаӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-Османоӷлы. Арт-школ ахь аҽҭаҩра хыркәшахоит лаҵара 18 рзы.