Ихадоу атемақәа

Sputnik
Сҭампыл ақалақь аҿы Ҭырқәтәылеи, Америкеи, Украинеи рыбжьара х-ганктәи аиҿцәажәарақәа хыцыркын иахьа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәылатәи адипломаттә усбарҭаҟынтә иҟоу адыррақәа шьаҭас иганы.Америкатәи Аштатқәа рделегациа иалахәуп Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио, Аҳәынҭқарра ахада ихаҭарнак ҷыда Кит Келлог, иара убас ацҳаражәҳәаҩ Том Баррак.Украинатәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Зеленски Иусбарҭа аиҳабы Андреи Ермак, атәылахьчара аминистр Рустем Умеров, адәныҟатәи аусқәа рминистр Андри Сибига.
Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Жәлар Реизара аилак иааиуа аилатәара аҿы Адгәыр Агрба Аԥсны апрокурор хадас икандидатура ахәаԥшразы абжьыҭира мҩаԥнагеит.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Адгәыр Агрба икандидатура рыдигалеит ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза 22 рзы. Апрокурор хада имаҵура дарҭоит ма дымырхуеит Жәлар Реизара аҳәынҭқарра ахада иҟаиҵаз абжьгарала, ҿҳәарала хәышықәса ҳәа. Агрба — апрокурор хадас дыҟан 2019 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны.
Аӡҭалара аартреи уи аамҭаз ашәарҭадара аиқәыршәареи – акурорттә аамҭахәҭа алагара аламҭалазы зегь раԥхьаӡа иргыланы инагӡатәу усуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.Иахьа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы атуристтә аамҭахәҭа аиҿкаара азҵаарақәа ирызку аилатәара мҩаԥысуеит.Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут инаҵшьны иазгәеиҭеит, аиԥылара шымҩаԥысуа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ахаҭарнакцәеи, аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи алархәны.
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аҟны акипаристә аллеиа агәараанда акәыршара лаҵарамза анҵәамҭазы ихыркәшахоит. Аусурақәа мшаԥымзазы ирылагеит, уи азы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьын 19 миллион мааҭ ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳәырԥсарра аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Сабина Лобода. "Аусурақәа заа рхыркәшара ҳгәы иҭан, аха аҳәырԥсарра аҵакыраҿы изакәанымкәан аҭыԥқәа аанызкылаз анаплакҩцәа рганахьала ауадаҩрақәа цәырҵит. Иахьала 2600 метра рҟынтәи 2000 метра агәараанда ҟаҵоуп", — лҳәеит лара.Лобода илҳәеит, анаплакҩцәа иҟарҵаз аилагарақәа шырҽеиу.