Ихадоу атемақәа

Sputnik
. Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа хыркәшахеит Сҭампыл. Урҭ ҩ-сааҭк рҟынӡа имҩаԥысуан, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәылатәи адипломаттә усбарҭаҟынтә иҟоу адыррақәа шьаҭас иганы. Ахымца аанкыларазы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ртәы аганқәа ишырбо атәы хәҭа-хәҭала ианҵахоит ҳәа ҳаиқәшаҳаҭхеит. Уи ашьҭахь ҳаиҿцәажәарақәа ирыцҵахоит — иҳәеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински
Бадра Гәынба Аҟәа ақалақь Лакобеи Ажәанбеи рымҩақәа рҿы аԥшацәгьа асраан ааха зауз аҩнқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.Лакоба имҩаҿы иҟоу аҩны аамҭала шифрла ихҩоуп. Хымш-ԥшьымш рыла араҟа аусурақәа хыркәшахоит, абри атәы аҳәынҭқарра ахада иеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба."Ари аҩны аӷәраҵа аганахь ала апроблема ду амоуп, жәашықәсала ари азҵаара ӡбамкәа иҟоуп. Уажәы иауа шьаҿақәак ҟаҳҵароуп", — иҳәеит Агрба.Ажәанба имҩан игылоу 22-тәи аҩны ахыб шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылахоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Мықәтәи ашкол 100-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.Ақыҭа Мықә — Аԥсны иагәҭылсоуп, ара еснагь атәыла алахьынҵа зыӡбо азҵаарақәа ирылацәажәон иҳәеитГәынба иқәгылараҿы.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ашкол аушьҭымҭацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзеиԥш, иахьа уажәраанӡагьы акультуреи, аҭҵаарадырреи, аспорти, амедицинеи уҳәа ахырхарҭақәа рыла атәыла аҿиараҿы рлагала ду шыҟарҵаз.
Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа 11-нызқьҩык инареиҳаны "Абанк ПСБ" акартачкақәа роуит.Ҳтәылаҿы урҭ рыҭара иалагеит мшаԥымза 18 инаркны. Лаҵарамза 16 рзы Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа рҟынтәи 50% инареиҳаны атәанчахәы рыҭан.Урыстәыла Асоциалтә фонд аҟынтәи атәанчахәи асоциалтә шәарақәеи акарточкақәа рахь ииагахоит.Урҭ реиқәыршәаразы Урыстәылаҟа ацара аҭахӡам. Заанаҵы иманшәалоу аамҭа алхны уҽҭауҩыр улшоит. Аклиент акартачка 20 минуҭ рыҩнуҵҟа иоуеит.
Урыстәылатәи ацирк "Созвездие смелых" Аҟәаҟа иаауеит.Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҿы агастрольқәа реиҿкаара атәы иалацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, "Росгоцирк" адиректор хада Сергеи Белиаков, Шәачатәи аҳәынҭқарратә цирк адиректор Наталиа Шульга." Ареспубликатә стадион -аҿы ақьала дыргылахьеит, ахәаԥшцәа рҭыԥгьы дырхиахьеит. Агыгшәыг злахәу апрограмма азҳархиоит, агәра ганы сыҟоуп, уи ахәаԥшцәа ргәы хнахып ҳәа", — азгәеиҭеит Сергеи Белиаков.Агастрольқәа мҩаԥыслоит рашәара 14 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа, зынӡа 50 қәгылара рымҩаԥгара азгәаҭоуп.