Атәыла Ахада Гәдоуҭа араион иаҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Мгәыӡырхәа ақыҭан аԥшатлакә аԥхасҭа знаҭаз ашколахь днеит. Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, 60 метр ԥшьыркца иҟаз ахыб еиҭашьақәыргылан. Уи аԥара азоунажьит араион ахадара. Аҵара апроцесс амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа ианыԥшыма, иахьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳзеиҭалҳәеит ашкол адиректор Марта Џьыкырԥҳа.
Асас: Мгәыӡырхәатәи ашкол аиҳабы Марта Џьыкырԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.