Сақаниа: Лӡаа имҩаԥган аҭҵаарадырра-сахьаркыратә фестиваль Лӡаа Fest

Sputnik
Лӡаа ақыҭа аԥсараҿы аҭҵаарадырра-сахьаркыратә фестиваль Лӡаа Fest мҩаԥысит. Уи аԥсабареи, акультуреи, аҭҵаарадырреи реимадара иазкын. Иџьоушьаша, аусмҩаԥгатә ауаа рацәа аднаԥхьалеит – шәҩыла ауаа аекологиа иазку алекциа, ацәыргақәҵақәа, аҭыԥантәи анаплакыҩцәа раалыҵқәа рџьармыкьа уҳәа афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ицәыргаз зегьы рхы рыладырхәит. Ҵакыс иамоузеи аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы аиԥш зеиԥшу апроект, иара иаанартуа алшара ҿыцқәеи актуалреи дрылацәажәоит аҭыԥан инхо, ауаажәларратә усзуҩ Виачеслав Сақаниа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.