Сабуа: амшынҭалара аамҭахәҭазы инагӡатәу аусқәа ртәы

Sputnik
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ажәалагала ҟанаҵеит иааиуа амза, ииун 5 инаркны Аԥсны аҽыкәабаратә сезон аартызарц. Убри аан ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирыдҵоуп ауаа ршәарҭадара ахьчаразы, амшынаҟәарақәеи урҭ ирыҵаркуа аҳәаақәеи ишахәҭоу ала аиҿкаара. Иарбан ҭагылазаашьақәоу иаԥҵатәу амшын аҭаларазы, изеиҩстәым, хымԥада еиҿкаатәны иҟоу аусқәа, иарбан дҵақәоу иқәнаргыло Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы АҶА агәаҭаратә маҵзура, еиҭеиҳәеит уи аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Асас: Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы АҶА агәаҭаратә маҵзура аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.