Џьапуа: алакәқәеи амифологиеи ирызку аконференциа Минск имҩаԥган

Sputnik
Белоруссиатәи алакәқәеи амифологиеи ирызкыз жәларбжьаратәи аҭҵааратә форум мҩаԥысит Минск. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган жәларбжьаратәи аҭҵаараадырратә конференциа «Жәлар рлакутә проза европатәи акультураҿы, ажәытәӡатәи атрадициақәеи, уи ҳаамҭа аиқәҿыҭрақәеи» ҳәа хыс иаманы. Ари аконференциахь инаԥхьаз атәылақәа рфольклорҭҵааҩцәа рыбжьара дыҟан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа. Изызкыз иажәахә, иарбан зҿлымҳароу уи иаиуз, жәлар рмифологиа аҟнытә иахьа уажәраанаӡа актуалра зцәымӡыз ыҟоума, ишԥамҩаԥысуеи иахьа жәлар рлакәқәа реизгара атәылақәа жәпакы рҿы, ҳаамҭазы ҳкультуреи ҳҟазареи иабанӡарылахәу амифологиеи алакәқәеи рсиужетқәа. Абарҭқәа дрылацәажәарц аимадараҿы дыҟоуп аҵарауаҩ.
Асас: Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.
Аицәажәара шәа әар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.