"Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам" захьӡу италиатәи адраматург иҩымҭа иалху аспектакль ҿыц ықәнаргылоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр. Акыр илахҿыху, алаф зҵоу италиатәи акомедиа аԥхьарбара ҟалоит лаҵарамза 28, 29 рзы Аԥсуа драматә театр асценаҿы. Иаанарԥшуазеи ақәыргыламҭа, ҳаамҭа иабанӡақәшәо? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи ирылацәажәеит арадио Sputnik астудиаҟны Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкьи актиор Аслан Анқәаби.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.