Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны аекономикахь 30 миллиард мааҭ инареиҳаны хаҭалатәи аинвестициақәа радыԥхьалара алыршахеит иҳаҩсыз хәышықәса ирылагӡаны иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. "Сара агәра ганы сыҟоуп, апроектқәа зегьы хазы-хазы рыхәаԥшра, ҳекономикахь аинвестициақәа ҟазҵарц зҭаху ауаа рацәажәара ҳшазхиоу. Уи аганахьала, ҳара аинвесторцәа реиԥш ҳауаажәларра рзгьы ҳаартхоит, ҳаартхоит ҳтәылауаа Аԥсны аҵакыраҿы арҭи егьырҭи апроектқәа аус зрыдулахо атәы еилыркааларц", — иҳәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС аинтервиу азҭаз Бадра Гәынба.
Аԥсны аиҳабыра 2025 шықәса ԥхынгәымза акы инаркны иалкаау акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчахәы аизырҳара азԥхьагәанаҭоит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Аԥыза-министр Владимир Делбеи Аԥсны Атәанчахәытә фонд анапхгаҩы Денис Гәлариеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит. Ашықәс алагамҭа инаркны лаҵарамза акынӡа атәанчахәқәеи, ацхыраагӡақәеи, ашәарацҵақәеи рзы 561,6 миллион мааҭ азоужьуп.
Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы аԥышәарақәа ирылагеит. Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа иахьа аԥсуа бызшәазы аԥышәара ахьырҭиуа Аҟәатәи ажәабатәи ашкол даҭааит. Лара аушьҭымҭацәа мышьҭабзиала ҳәа раҳәо ирзеиӷьалшьеит аманшәалара, қәҿиарала аԥышәарақәа зегьы арҭарц, алҵшәа бзиақәа аадырԥшырц. Гәынԥҳа Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит акыр шықәса раахыс ишьақәырӷәӷәоу аҵаратә планқәа инарықәыршәаны, аушьҭымҭацәа хә-ԥышәарак шырҭиуа – ихымԥадатәиқәоу ԥшьба, акы — дара иалырхуа.
Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҿар ирызку аспорт-рлахҿыхратә канал аусура иаланаргоит. Аилак аофициалтә канал аҿы икьыԥхьу адырраҭара аҵаҟа ахҳәаақәа рҿы аканал ҿыц ахьӡ зеиԥшрахашазы ргәаанагарақәа аҵарҩыр рылшоит изҭаху зегьы. Еиҳа ианаало, ҽакы еиԥшым авариант зыҩуа автор Аҳәынҭқарратә спорт еилакы аҟынтәи аҳамҭа иоуеит.