26-тәи Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымза 26 рзы. Уи азы аӡбамҭа рыдыркылеит Алхратә комиссиа хада аилатәараҿы. Ишԥамҩаԥысуа алхрақәа разыҟаҵара, урҭ рымҩаԥгара аформат, аинициативатә гәыԥқәа ашәҟәы рҭагалара анбахацыркхо? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак ҟаиҵеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.