Ихадоу атемақәа

Sputnik
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхықәкы хада — Аԥсни Урыстәылеи рганахьала Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы азинтә хәдықәҵара адкылара ауп, иара убас арҭ аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҳәаақәа разгәаҭареи рызхаҵареи, абас аҳәоит Урыстәыла АдәАР иҟанаҵаз аҳәамҭа .Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи, Европатәи Аидгыла ахаҭарнакцәеи изаамҭанытәиу рраунд аламҭалазы амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит.Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 25-26 рзы.
Сҭампылтәи аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны Украина итҟәаны ирымаз 25 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз урыстәылатәи аруаа раԥхьатәи ргәыԥ ырхынҳәуп, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.Урҭ рцынхәрас ирыҭоуп еимырдаз атҟәацәа рхыԥхьаӡара иашьашәалоу украинатәи аруаа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц ақалақьқәа рҿы иҟоу амедусҳәарҭақәа акурорттә аамҭа ишазыхиоу гәеиҭеит.▪️Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, иахәҭоу амаҭәахәқәеи, ахәшәқәеи, ацхыраара лас амашьынақәеи рыла еиқәшәоуп, аха зхырхарҭа ҭшәоу аусдырцәа рызхаӡом.▪️Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иазгәеиҭеит ахәшәтәырҭаҿы иҟоу атомограф аусура шышьақәдыргылаз. Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз анапынҵала аус анагӡаразы аԥара азоужьуп, аспециалистцәа раара иазыԥшуп.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи ателедырраҭара "Умницы и Умники" автор, уи амҩаԥгаҩ Иури Виаземскии лареи еиԥылеит.Гәынба инаҵшьны иазгәалҭеит "Умницы и Умники" — абаҩхатәра злоу аԥсуа школхәыҷқәа рыцхырааразы даара акрызҵазкуа проектны ишыҟоу."Сынтәа ҳџьынџьуаҩ, ҳҵаҩы Нестор Ҭарба ҳҳәынҭқарра ахьӡала адырраҭара дахьалахәыз, уимоу аиааирагьы ахьигаз лымкаала ҳаигәырӷьоит", — азгәалҭеит аминистр.Иури Виаземски иажәақәа рыла, ареспублика аҟынтәи шықәсык аҩнуҵҟа апроект иалахәхарц зылшо рхыԥхьаӡара иацҵоуп — хҩык рҟынтәи ԥшьҩык рҟынӡа.
Москва инхо Евгени Погорелов мҽхакыҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алаирҵәон ҳәа Аҟәа даанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.49 шықәса зхыҵуа Погорелов идырбалеит амефедрон згәылаз 37 еилаҳәыра. Анаркотикқәа аҭиразы иааихәеит еилкаам ауаҩи иареи еицәажәаны.Иаанкылоу аҭел ахархәарала маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа ҟаиҵон, урҭ аҭыԥқәа ахьыҟоу авиденқәа ҭыхны Telegram имаз аникқәа аникқәа Alex, Islam рыла ахархәаҩцәа ирзишьҭуан.Иҭел аҟны иԥшаан аҵәахырҭақәа ахьыҟаиҵаз афото-авидео ҭыхымҭақәа.