Лыхны инхо рыбзазара аиӷьтәра иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбашьа

Sputnik
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахь иусутә ныҟәараан, Лыхны ақыҭаҿ днеины ибеит акультуратә хан. Уи аҭагылазаашьа азгәаҭаны изыхәҭаз аусбарҭақәа ахыбра аиҭашьагәыргыларатә усқәа рынагӡаразы адҵа риҭеит. Иахьазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, иабанӡанагоу, иарабн ҭагылазаашьоу уи иаԥсахыр алшо ԥхьаҟа, насгьы иарбан зҵаатәқәоу иӡбатәны иқәнаргыло ақыҭа ахадара анхацәа рыбзазара аиӷьтәразы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Бганба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.