Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҟәа ақалақь Амш азгәарҭоит ԥхынгәымза 5 рзы.Аныҳәа есышықәса ԥхынгәымза актәи асабшазы иазгәарҭоит. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба аиҿкааратә еилакы аилазаара ашьақәырӷәӷәаразы адҵа ҟаиҵеит, дара мчыбжьык иалагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рыплан еиқәыршәаны идыргалароуп.
Аԥсны иахьаҵанакуа 300 инареиҳаны аелектронтә сигареҭқәа ааныркылеит.Рашәарамза 10-11 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Цандрыԥшь, Гагра, Аҟәа ареидқәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит аилак. Ахҭысқәа зегь реиҳарак раан зыҭира ҟамло атауарқәа ахәаахәҭырҭақәа рыҵаҟа иҵәахын. Иара убас, ареспублика атәылауаҩ Асланиан илкыз ашәыра иҭан 49 сигареҭи урҭ рзы акартриджқәеи.Административтә еилагарақәа рзы аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҭҵааранӡатәии аҳазалхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы идәықәҵоуп. Апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа макьана ацара иаҿуп.
Аԥсны V Жәларбжьаратәи атуристтә форум "Путешествуй!" " иҷыдоу аноминациа «Шәааи атәылақәа ҳарҭаалап» аҟны аиааира агеит.Афорум иалахәу аминистр Асҭамыр Логәуа зхадараҿы дыҟаз атуризм аминистрра аделегациа иӡырыргеит Аԥсны астенд.Атуристтә форум "Путешествуй!" мҩаԥысуеит рашәара 15 рҟынӡа ВДНХ. Иара еиднакылоит аҳәынҭқарреи абизнеси рыбжьара аусуратә еимадаразы аплатформеи Урыстәыла аныҟәаҩцәа рзы раԥхьатәи атуристтә фестивальи.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь агуманитартә цхыраара аанашьҭит Урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Жәлар рфронт".Аиқәырхаҩцәа есыҽнытәи русурази роперативтә мазеира аиӷьтәрази ихымԥадатәиу атехника рыҭан. Аусмҩаԥгатә аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иаԥшьгарала имҩаԥысит, иара Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусура хылаԥшра азиуеит. Кьиут иазгәеиҭеит зегь реиҳа иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан атәылауаа ацхраара рыҭаразы инеиуа аиқәырхаҩцәа русура аҵак ду шамоу, аҳәынҭқарра аринахысгьы аусбарҭа адгыларазы алшарақәа шаԥшаало инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аусутә мигрантцәа рҟынтәи 75% рҟынӡа Аԥсны ашәахтә ршәаӡом ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҿы Амиграциатә маҵзура аиҳабы Саид Ҵнариа.Убри аан, Аԥсны Абанк адыррақәа рыла, аусутә мигрантцәа шықәсык ахь ҩ-миллиард мааҭ ртәылақәа рахь аԥара аиагара мҩаԥыргоит ҳәа азгәеиҭеит иара ."Атәыла амал алырцәцәауеит, арахь ашәахтә зынӡа иршәаӡом", — иҳәеит амиграциатә маҵзура аиҳабы
Аҟәа таитәи абокс азы аицлабра "Гьаргь Аиааирагаҩ ихраҿа" аатит иацы.Аспортсменцәа аԥсшәа реиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҳәынҭқарратә спорттә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.Аицлабра иалахәуп Таитәи абокс афедерациа Аԥсны ахада, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Жәлар реизара адепутатцәа иаадырԥшуа аспорт адгыларазы аџьшьаратә шәҟәқәа ранаршьеит.Аицлабрақәа Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра иазкуп, урҭ рашәарамза 15 рҟынӡа имҩаԥыслоит, 6 шықәса инаркны 40 шықәса аҟынӡа зхыҵуа 400-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа рхы аладырхәуеит.