Ихадоу атемақәа

Sputnik
Иахьа Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инеиҵыху аилатәараҿы Аԥсны атуризм аиҿкаара иалацәажәахоит.Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь иазгәеиҭеит атуристтә џьармыкьа алахәылацәеи, атуроператор дуқәеи ахәыҷқәеи, иара убас Аԥсны атәылауаа рзы еиҟароу аконкуренттә ҭагылазаашьақәа раԥҵареи ус хаданы ишыҟоу." Ҳара ҳус – азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагаларазы ибзианы изызхәыцны, иҭышәынтәалоу аӡбарақәа рыдкылара ауп", — ҳәа иҳәеит адепутат.Иламысдоу аиндаҭлара ахәҭақәа ҳҽацәыҳахьчароуп урҭ аџьармыкьаҿы иҟазар, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳалуашь.
Фышықәса рыҩнуҵаҟа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра амҽхак ҩынтә инареиҳаны еизҳаит.Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы иааизакны атауареиқәшара 41,2 миллиард мааҭ артәеит.2025 шықәса алагамҭа инаркны ԥсахрада иааиуеит. Урыстәыла Аԥсны азы ихадоу ахәаахәҭратә партниорны иаанхоит. Аҳәынҭқарра аҟнытәи иалыргоит арыжәтәџьбара, ашәыр, атекстиль аалыҵқәа, арахь иҭаргалоит афатәи аминералтәи, ахимиатәи аалыҵқәа.
Аҟәа ақалақь Амш азгәарҭоит ԥхынгәымза 5 рзы.Аныҳәа есышықәса ԥхынгәымза актәи асабшазы иазгәарҭоит. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба аиҿкааратә еилакы аилазаара ашьақәырӷәӷәаразы адҵа ҟаиҵеит, дара мчыбжьык иалагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рыплан еиқәыршәаны идыргалароуп.
Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аԥҵоуижьҭеи 33 шықәса аҵра аҳаҭыраз Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.Аҳәынҭхьчара амаҵзурауаа рныҳәамш аҳаҭыраз Аԥсны аминистрцәа реилазаара ахыбраҿы аилатәара мҩаԥган.Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аԥҵан 1992 шықәсазы. Ихадоу ахықәкқәеи адҵақәеи — аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчареи уи азы амчқәеи алшарақәеи рхылаԥшра; иреиҳау ачынра ныҟәызго ршәарҭадара аиҿкаара; аҳәынҭқарратә хыбрақәа рыхьчара.
Аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Амра" аиҭашьақәыргылара хышықәса рыла ихыркәшахоит, иара 1892 шықәса рзы иргылаз ҭоурыхтә хыброуп аҟнытә архитектуреи аскульптурақәеи еиқәырхахоит. Абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь Аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.Лара лажәақәа рыла, аҭыԥ аҿы арыцқьарақәа ирылагахьеит. Аремонт аԥара азоужьуп аҳҭнықалақь абиуџьет аҟынтәи.Ахәыҷбаҳча ахархәарахь ианрыҭахалак, 120-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аднакыло иҟалоит ҳәа азгәалҭеит лара