Аԥснытәи аделегациа алахәын Тамбов ақалақь аныҳәеи, Урыстәыла иунь 12 рзы иазгәарҭоз амши ирызкыз аусмҩаԥгатә. Ишдыру еиԥш, Аҟәеи Тамбови рықалақьқәа 23 шықәса раахыс ирыбжьоу аиашьара иабзоураны, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус еицыруеит. Уажәы ҳделегациа уа рыҟазаараан иарбан еиԥыларақәоу ирымаз, излацәажәаз азҵаарақәа зызкыз, хадаратәла ҩ – иашьаратә қалақь русеицуразы лшарақәас иҟоу еиҭеиҳәарц астудиахь дааҳаԥхьан Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.