Иахьа Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы аусура иалагеит Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум 20 нызқьҩык инареиҳаны 140 тәыла, Евразиатәи аекономикатә еидгыла, Ихьыԥшым атәылақәа реидгыла, БРИКС, АСЕАН, Африка, Мрагылара Ааигәа, Латинтәи Америка уҳәа ртәылақәа уахь иналаҵаны, рхаҭарнакцәа аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит. Апрограммаҿы иҟоуп 150 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа. Рашәарамза 20 рзы апленартә еилатәараан дықәгылоит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит .Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа 2025 шықәса хәымз рыҩнуҵҟа инарыгӡахьоу русқәа рзы аҳасабырба ҟарҵеит.Бадра Гәынба дара анапынҵақәа риҭеит.▪️аинфраструктуратә хыбрақәа — амедицинатә, аҵарадыратә, акультуратә усбарҭақәа рырҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усқәа рзы аматериалқәа рыла реиқәыршәара.▪️абиуџьеттә ҳасабырбақәа ианаамҭоу адгылара, инагӡоу аусқәа рзы аилыркаақәа нрыдкыланы. Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи егьырҭ ачынауааи иргәалаиршәеит, азакәан аамҭа инақәыршәаны дара рхашәалеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу руалԥшьақәеи рзы адекларациа аларҵарц.
Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба ақалақь аҩнуҵҟа ицо арҽеиратә усурақәа ртәы изеиҭеиҳәеит атәыла хада имҩаԥигаз аилацәажәараҟны▪️Аԥшацәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз аҩнеихагылаҿы аремонт хыркәшоуп. Ажәанба имҩаду аҿы игылоу аҩны аанханы иҟоуп, уи апроект аҭҵаара иаҿуп.▪️Ажәанба имҩаҿы аӡымҩангагақәеи ацрыҵцарҭақәеи ԥсахуп, Лакоба имҩа инаркны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аҟынӡа аколлектор аԥсахреи акаҭран ақәҵареи азгәаҭоуп. ▪️Амҩақәеи, аангыларҭақәеи, асветофорқәеи рырҽеиразы аусурақәа цоит, анхарҭатә гәарақәа реиҿкаара иаҿуп, Иара убас аԥсуа архитекторцәеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы апроект аус адырулоит ҳәа иҳәеит Агрба.
Пицунда ақалақь ахада аамҭала инапынҵақәа наигӡалоит ахада актәи ихаҭыԥуаҩс иҟаз Рустам Агрба. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Бадра Гәынба. Уаанӡатәи ақалақь ахада Руслан Хәынҵариа инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Гьаргь Гәлиа иажәабжь "Ахьатә ҩны" ала иҭыху афильм "Аԥҵара" ("Сотворение") дырбан.Аурыс драматә театр аҿы, иара ҭырхижьҭеи 55 шықәса рышьҭахь.Афильм ҭыхын 1970 шықәсазы, арежиссиор — Николаи Машьенко.Анҵамҭа зну афлешка атеатр ахь иаалгеит аԥсуа шәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Сангәлиаԥҳа.Афильм еиҭанаҳәоит ауахәама ареставратор Џьумеи бзиа иибо аҭыԥҳа Амреи иареи рҭоурых.Афильм аурысшәахь асинхронтә еиҭагара амоуп, уажәраанӡа ахәаԥшцәа шамахамзар идыдмырбаӡацызт.