Аҟәа араион аҿы ақыҭанхамҩа зырҿио рҟынтә арзаҳалқәа рыдыркылоит

Sputnik
Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы 2025 шықәсазтәи апрограмма алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Араион абиуџьет аҟынтәи 3 миллион мааҭ азоужьуп шықәсы рацәала изызҳауа аҵиаақәа реиҭаҳаразы апрограмма анагӡара. Арзаҳал алазҵо иҿаԥхьа иқәгылоу аԥҟарақәеи, ас еиԥш иҟоу апрограмма уажәаԥхьатәи ашықәсқәа рзы иаиуз алҵшәақәеи дрылацәажәит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.