Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь акомпиутертә томограф аусура иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра. Акоронавирустә пандемиа аамҭазы уи иамаз аидара хьанҭа иахҟьаны иԥхасҭахеит. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз адҵала ԥхасҭахаз амаруга ахәҭа аахәаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 11 миллион мааҭ азоужьҭын.
Уаанӡа Асовет Еидгыла иаҵанакуаз ареспубликақәа зегьы рҟынтәи Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ зху рхыԥхьаӡарала, абри атәы иҳәеит адепутат Инар Саӡба, Москва имҩаԥысуаз афорум "Пушкин иаԥхьарақәа" рҟны данықәгылоз. Афашистцәа рҿагылараҿы Урыстәылеи Аԥсни рҭоурыхтә гәалашәара ашьақәгылареи арӷәӷәареи рҿы акультура иааннакыло аҭыԥ ҷыда азгәеиҭеит иара. Саӡба иажәақәа рыла, аԥсуа авторцәа рсахьаркыратә рҿиамҭақәа рҟны иаарԥшуп Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны Аԥсны алагала, урҭ аԥҵамҭақәа ҩ-бызшәак рыла иҭрыжьуеит, аԥсуа музеиқәа ракәзар ажәларқәа еицырзеиԥшу аҭоурых рыхьчоит абиԥарақәа ирызнаргоит.
Ақалақьқәа Донецки Мариуполи рҟынтәи 27-ҩык ахәыҷқәа рыԥсы ршьоит акурорт "Пицунда" аҟны, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥсшьарҭатә комплекс аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Павел Қьырҭбаиа. "Ахәыҷқәа ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа иааит ареспублика аиҳабыра иҟарҵаз ааԥхьарала. Иахьазы иааны иҟоуп 27-ҩык, даҽа гәыԥк ҳазыԥшуп. Аибашьра закәу ҳаргьы иаадыруеит, убри аҟнытә ҳгәы ҳдырхьоит абарҭ ахәыҷқәа", — иҳәеит иара. Иааиуа амзазы Курсктәи аобласти ДЖәР-и рҟынтәи 30-ҩык ахәыҷқәа аараны иҟоуп иҳәеит Қьырҭбаиа.
Ирани Израили реимак аҭышәныртәаларазы адунеи аҿы ахьӡ ду змоу аполитикацәа рхы аадырԥшыроуп, убас еиԥш ихы ааирԥшыр ҟалоит Владимир Путин, избан акәзар Урыстәылеи Ирани реизыҟазаашьақәа еснагь ибзиан, насгьы Израиль аԥыза-министр Нетаниахуи Путини аимадарақәа рыбжьоуп, уи азы агәыӷра ыҟоуп аҭынчрахь икылызгаша аиҿцәажәарақәа ҟалап ҳәа. Абас игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба, Ааигәа Мрагылара имҩаԥысуа ахҭысқәа ахҳәаа рыҭо. "Иаалырҟьаны реимак аҽарцәгьара зыхҟьо акоуп — Иран имҩаԥнаго аполитика Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа иргәаԥхаӡом, аиҳарак Америкатәи аштатқәа. Аԥсабаратә мал иахдырҟьоит", — иҳәеит Ҳагба.