Гәылрыԥшь аԥсаатә ааӡаразы апроект аус шауа атәы

Sputnik
Ақыҭанхамҩатә программа аусура иацнаҵоит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла иахьаҵанакуа апроектқәа рымҩаԥгара иаҿуп. Убас Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭаҿы аԥсаатәааӡарҭатә ферма аусура аҳәынҭқарратә программала иазоужьын 4 миллионки 100 нызқь мааҭ. Арҭ аԥарақәа рыла иргылан аферма, иаахәан аԥсаатә, иара убас афатә. Иахьазы уаҟа ирааӡо аԥсаатәи, анаҩстәи рыгәҭакқәеи дрылацәажәеит аферма аԥшәма Даур Қоӷониа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.