Аԥсуа ҽааӡаҩцәа рыҽқәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит Краснодар имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы. Ахра Ашәба иҽы Марискаль Асуана ахраҿа агаразы 2000 метра аиԥхныҩлараҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит. Аҳамҭа Ду азы хышықәса зхыҵуа аҽанқәа рыбжьара 2400 метра аиԥхныҩлара аҟны - Беслан Абҳазоу иҽы Гадалка ахԥатәи аҭыԥ агеит. Аҽааӡаҩ Ахра Ашәба иҽы алҵшәақәеи, анаҩстәи аҽырыҩрақәеи дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.