Аҟәа аԥышәаратә режим ала атуристтә милициа аусура иалагоит

Sputnik
Аҟәа аԥышәаратә режим ала атуристтә милициа аусура иалагеит. Ас еиԥш аҭахра ыҟоуп есышықәса зхыԥхьаӡара иацло аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара аиҿкааразы ҳәа азгәарҭоит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны. Амилициа ашкол аҟны еиҿаҳкаау атуристтә милициа агәыԥ аусушьа, рнапынҵақәа шеихшахо, аиԥш зеиԥшу жәларбжьаратәи аԥышәа иамоу алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Амилициа иреиҳау ашкол аиҳабы, аподполковник Игор Базильски.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.