Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылаҟа усутә ныҟәарала даҭааит. Барцыц дырԥылараны дыҟоуп адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзи аминистр Асад Хасан Аль-Шаибани егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи.
Аԥсны аиҳабыра сынтәа афымцамчԥхьаӡагақәа актәи апартиа аахәаразы 20 млн мааҭ азоунажьит, иааидкыланы апрограмма шә-миллионк мааҭ арбоуп, абри атәы иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" афымцамчҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба.Афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргыларазы аусурақәа ҳааҟәымҵӡакәа ҳаҿуп ҳәа иҳәеит иара."Уажәазы аусурақәа ирылагахьеит Гәылрыԥшьи Аҟәеи араионқәа рҟны, иара убас аҵәаҳәақәа рырҽеиразы аиҿкааратә усқәа ирҿуп Гагра араион аҟны.
Аррамаҵзура ахысразы агәаҳәара ду аарԥшны инеиуа рхыԥхьаӡара рацәамзаргьы, зынӡа имаҷхеит ҳазҳәаӡом, аҿар аҵараҵара еиҳа рҽазыркуа иалагеит иҳәеит Аԥсны Ареспублика арратә комиссар ихаҭыԥуаҩ Русҭам Ҵәыџьба. Иара игәаанагарала иахьатәи аамҭазы аррамаҵзура иҵегь аҳаҭыр шьҭыхтәуп.Арратә уалԥшьа анагӡаразы ргәамбзиара иахҟьан иаҵанамкуа арԥарцәа рацәаҩуп ҳәа азгәеиҭеит иара.Аррахь ааԥхьаразы аус анагӡараҿы ацхыраара ҟарҵоит атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа аминистрра, Аҵара министрра. Зеиԥшла ахылаԥшра арҭоит Атәылахьчара аминистрра.
Адгәыр Арӡынба изыԥҵәаз ахьырхәра ԥсахын апеллиациатә инстанциа аӡбарҭатә еилатәараҿы, абри атәы аанацҳауеит Адлертәи араионтә ӡбарҭа асаит.Аҭыԥантәи Telegram-каналқәа ишаарыцҳауа ала, Арӡынба иахьа ахәылбыҽха доушьҭын.Адгәыр Арӡынба административтә хара идҵаны 14 мшы ҳәа дырбаандаҩын иара аӡбарҭа аӡбамҭала амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аныҟәцаратә бӷьыц ишимхызгьы амашьына аԥсҟы икын азы.Иара рашәарамза 21 рзы Афедералтә ҵакыра "Сириус" аҟны аҳәынҭаивтоинспекциа аусзуҩцәа дааныркалеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиеи ирыбжьоу ҩ-дипломк рзы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ааҩык аԥсуа студентцәа актәи ашықәс қәҿиарала ихдыркәшоит.Арҵаратә программақәа рынагӡаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит иҳаҩсыз ашықәс азы. Уи алҵшәақәа ирылацәажәеит аректор Алеко Гәарамиеи Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиа аректор Руслан Кочкарови.Аусшәҟәы инақәыршәаны, аҵараиурҭақәа "Афымцамчхареи афымцатехникеи" ахырхарҭала акадрқәа еицазыҟарҵоит.Раԥхьатәи агәыԥ рыдыркылеит сынтәатәи аҵарашықәсаз ақыҭанхамҩа анџьныртә факультет аҿы. Дара макьана Нхыҵ-Кавказтәи академиаҿы аҵара рҵароуп.