Аҟәатәи иаарту аинститут аҵарашықәс алҵшәақәа ртәы

Sputnik
Аҟәатәи иаарту аинститут ишԥахнаркәшеи 2024-2025-тәи аҵарашықәс, иоунашьҭыз астудентцәа рдыррақәа зеиԥшроузеи, иахьазы ари аҵараиурҭа адҵаалара абанӡамоу, иарбан факультетқәоу еиҳа азҿлымҳара ззаадырԥшуа абитуриентцәа, насгьы иааиуа аҵарашықәс азы ианбарылагои арзаҳалқәа рыдкылара аԥышәарақәа рыҭаразы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеи Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.