Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны анапхгара аус адырулоит ахәыҷқәа рзы урыстәылатәи аԥаратә цхыраара Аԥсны атәылауаа роуреи уи иадҳәалоу азинтә шәарҭарақәеи рызҵаарақәа рыӡбара иҳәеит Бадра Гәынба.Иара, ари аҭагылазаашьа згәы иҵхоз гәыԥҩык аҳәса дырԥылеит. Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, иара идҵала аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵоуп. Уи анапынҵақәа иреиуоуп ироуз ацхыраагӡақәа ирыхҟьаны ашәарҭара иақәшәаз, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа азинтә цхыраара рыҭара.Аимадара ҷыда аартуп. Ашәарақәа зауаз ирызку адыррақәа зегьы еизгатәуп. Ари апроблема урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳалацәажәароуп, анацәа ашьауӷатә шьҭазаара рацәыхьчаразы амҩақәа ҳаԥшаароуп", — иҳәеит ахада.
Москватәи аобласт аҿы ҩыџьа атеррористцәа аанкылоуп. Урҭ Украина адҵала Урыстәылатәи Арбџьармчқәа рыруаҩ иԥжәара рҽазыҟарҵон ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АфШәМ.Аиҿагылара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ирыԥшааит Макаров итапанчақәеи урҭ рзы аџьаԥҳани, иара убасгьы ахархәара иазырхиаз иркьаҿу аснаипертә шәақь, атеррористтә қәылара иазкны ашәҟәеимдара зныԥшуаз аимадаратә хархәагақәа.Ашьаус аартуп.
"Раԥхьаӡа акәны Аԥсны иааз ауаа хымԥада, ҩаԥхьа иаҳҭаарц азы аус ҳулароуп", — ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, атәыла ахаҿра аус адулара, аԥсшьаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара шхымԥадатәиу. Логәуа иажәақәа рыла, атуризм аусх аҟны хықәы хадас иҟоу, ашықәс иалагӡаны асезон амҩаԥгара, аԥхынра мацара акәымкәа атуристцәа здызкыло аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара ауп.
Ахәыҷқәы рзы аомбудсман иусбарҭаҿы иҟоу адырраҭара-абжьгаратә маҵзура 2025 ашықәс азбжазы 37 зыҳәа аиуит ҳәа азгәалҭеит аусбарҭа азиндырыҩ Екатерина Лиаховецкаиа.Азҵаарақәа аиҳарак абарҭ ахырхарҭақәа ирыҵаркуан:▫️ алиментқәа рзы ауалԥшьақәа,▫️ асоциалтәи атәанчахәтәи еиқәыршәара рызҵаарақәа,▫️ аҭаацәара-бзазаратәқәа,▫️ аҵарадырра азҵаарақәа."Азыҳәаҩцәа реиҳарак зхала иҟоу анацәа, ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа, иара убасгьы иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьаҿы ахәыҷқәа зааӡо рыуацәа роуп", — ҳәа азгәалҭеит лара.Еиҳарак Аҟәеи Гагреи араионқәа рҟынтәи акәын аҭел ишасуаз.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәеи Кавказтәи ацентрқәеи рфедерациақәа рхаҭарнакцәа рзы Аԥсны еиҿкаахоит аԥхынтәи аҿар рлагер "Ахьышьҭрахь".Актәи ахәҭа амҩаԥгара азгәаҭоуп ԥхынгәымза анҵәамҭеи нанҳәамза алагамҭеи рзы ҳәа аанацҳауеит "Аԥсны.Иахьа".Алагер иалахәхоит 80-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рҟынтәи 40-ҩык Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациаҟынтә, даҽа 40-ҩык Кавказтәи ацентрқәа рфедерациаҟнытә.