Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра аҳаҭыр азы Гагратәи ателехәаԥшра иазнархиаз адырраҭара "Аамҭа иаламӡуа ахьӡ" аҭыхрақәа мҩаԥган Ҭырқәтәыла Калдахәара. Уи ақыҭа машәыршақә иалхымызт. 32 шықәса раԥхьа 1992 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсны Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ақыҭа даҭаахьан. Дышԥаргәалашәои иахьа уаҟа Аԥсны жәлар рҵеи лаша , ишԥеиҿкаахеи уи изкны ақыҭаҿы аҭыхрақәа. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит адырраҭара автор, ажурналист Саида Жьиԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны.