Кәыдрытәи аҩхааҿы атоннельқәа еиҭашьақәдыргылоит

Sputnik
Кәыдрытәи аҩхаа, уахь узго амҩа, уи аҭагылазаашьа астратегиатә ҵакы еилкаауп. Атәыла ахадара аҿаԥхьа иқәнаргылеит адҵа араҟа иҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны, мҽхакыҭбаалатәи аусурақәа рымҩаԥгара ахацыркра. Уи ҟалар Аԥсны ари ахәҭазы иаатуа алшара ҿыцқәеи иааидкыланы Кәыдрытәи аҩхаа астратегиатә ҵаки, иахьа уажәраанӡа араион ахатә мчқәа рыла имҩаԥнагахьоу аусурақәеи ртәы Ажара ақыҭа ахада Ҭемыр Чагәаа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы.