*Аинрал Аршба имҩа инаркны Алашарбага аҳаблахьтәи ахаҵәирҭаҟынӡа аҟәатәи амшынԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара жьҭаара 1 инаркны ихацыркхоит ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба. Аусурақәа нарыгӡоит апроект афинанстә цхыраара зхахьы изгаз Москва, Уфа, Казан, Краснодар, Нижни Новгород рҟынтәи аргыларатә еиҿкаарақәа ҳәа азгәеиҭеит Агрба "Аԥсныпресс" аинтервиу аҭо. Абаркьылқәеи алашарбагатә шьаҟақәеи еиҭашьақәыргылахоит, ашьаҟауаа рзы ахаҳәҟьаԥс ҿыц ишьҭаҵахоит. Апарктә ҭыԥқәа рҿы ашьапыламҩақәа еиҿыркаауеит, аҟәардәқәа, агәамсамҭрақәа, ахәыҷтәы хәмарҭақәеи аспорттә ҭыԥқәеи шьақәыргылахоит. Ахәаахәҭратә ргыларақәа рзы иаку адизаин-код азгәаҭоуп.
Драндатәи №26 алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Жәлар Реизара адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭаҩра хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит Алхратә комиссиа хада. Азакәан инақәыршәаны акандидатцәа рышәҟәҭаҩра иалагоит алхрақәа 50 мшы шрыбжьоу, ихыркәшахоит алхрақәа 30 мшы шрыбжьоу. Ауснагӡатәқәа хыркәшан рашәарамза 26 рзы. Акандидатцәа рҭагаларазы иарбаз аамҭа иҭагӡаны ашәҟәы иарбан кандидатк икандидатура ықәзыргылоз хаԥшьгаратә гәыԥк. Абасала, Драндатәи №26 алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Жәлар Реизара адепутатрахь дықәгылоуп — Асҭамыр Џьопуа. Иара алхратә кампаниа амҩаԥгаразы азин имоуп.
Ԥхынгәы 1 инаркны, Урыстәылатәи СИМ-картақәа змоу, аха абиометриа ззамҭаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа рмобилтә еимадара аҿыххоит. Хымз инареиҳаны аус зымуаз аномерқәа иаразнак иаанкылахоит. Аус зуа аномерқәа хәҭа-хәҭала иаанкылахоит – аԥхьа жәларбжьаратәи аимадареи ақалақьтәбжьаратәи аимадареи, анаҩс – аинтернет аццакра ладырҟәуеит, 30 мшы рышьҭахь –аномер зынӡа иаҿыххоит.
Жәларбжьаратәи атуристтә журнал "Аԥснытәи аԥсшьарамшқәа" аҭыҵра иалагеит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ажурнал аредактор хада Риҵа Анқәабԥҳа. "Иԥшӡаны аҳәаанырцә ирыдыркыло, насгьы Аԥсны ргәы иаахәаша аформала еиқәыршәоуп", — лҳәеит лара. Шықәсык иҭыҵраны иҟоу ажурналқәа ртемақәа аплан шьақәыргылоуп, ҩымз рахьтә знык иҭыҵлоит ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа.