Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи аицлабра "Аԥсны акоманда" иаиааизи афиналистцәеи реиԥылара мҩаԥысит аҳҭнықалақь аҿы. Атәыла ахада иаԥхьа иӡырыргоз апроектқәа, дара аус рыдулара иацыз акәамаҵамақәа, рактуалра, ишьҭыхыз атемақәа анаҩсгьы рӡыргара аԥеиԥш, уҳәа дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны афинал азбжа аҟынӡа инеиз Ирина Самсониаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.