Ихадоу атемақәа

Sputnik
Диоскураа рыԥшаҳәа акапиталтә еиҭашьақәыргыларазы апроект ӡыргоуп Аҟәа.Апроект азы аинформациатә стендқәа ргылоуп ааигәа зеиҭашьақәыргылара иалаго асқьалеи ақаҳуажәырҭа "Брехаловкеи" рҿаԥхьа. Аусурақәа ирылагоит жьҭаарамза 1 инаркны, ихыркәшахоит — иааиуа акурорттә аамҭа алагамҭазы. Аусурақәа нарыгӡоит апроект афинанстә цхыраара зхахьы изгаз Москва, Уфа, Казан, Краснодар, Аладатәи Новгород рҟынтәи аргыларатә еиҿкаарақәа.Абаркьылқәеи алашарбагатә шьаҟақәеи еиҭашьақәыргылахоит, ашьаҟауаа рзы ахаҳәҟьаԥс ҿыц шьҭаҵахоит. Апарктә ҭыԥқәа рҿы ашьапыламҩақәа еиҿыркаауеит, аҟәардәқәа, агәамсамҭрақәа, ахәыҷтәы хәмарҭақәеи аспорттә ҭыԥқәеи шьақәыргылахоит.
Урыстәыла АфШәМ аусзуҩцәа Петербург ақалақь аҿы атеррористтә акт аԥдырҟәҟәааит.23 шықәса зхыҵуа аԥҳәызба атәылахьчаратә наплакы аусзуҩы имашьына ахалаҟаҵаратә рҭҟәацга шаҵалҵоз дақәыркит уи зыршаҳаҭуа авидео нҵамҭа аларҵәоуп .Лара ацәгьоура амҩаԥгара аҭыԥ аҿы даанкылан. Аԥҳәызба лҿы лықәшаҳаҭхеит украинатәи иҷыдоу амаҵзурақәа адҵа шлырҭаз, Европа атәылақәа руак аҿы атәылауаҩра аиуразы.Уи азы илыдыргалон аԥара машьынк дашьклаԥшны арԥжәага матәахәы аҵалҵар
Аҟәа зхала амаҵзура мҩаԥызго аҳәаанырцәтәи ауааԥсыра ашәахтә ршәалоит.Аӡбара рыдыркылеит ақалақь Еизара адепутатцәа, уи амч аиуеит ианкьыԥхьха инаркны ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.Мызкатәи аизга 5000 мааҭ ыҟоуп, иара ршәароуп аҳәаанырцәтәи ауааԥсыра абзазаратә, анхамҩатә, аиҭашьақәыргыларатә, ацхырааратә маҵзурақәа назыгӡо азакәантә усзуҩ ма хаҭалатәи анаплакҩы иаҳасабала зыҽҭазмыҩыз.Аизга хадырҭәаауеит аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ ақалақь ахадара аусбарҭала мызкы азы заанаҵ ашәара алшара аманы иҟаиҵаз арзаҳал ала.
Апедагогикатә ҟазара ашкол аус ауеит арҭ амшқәа рзы Аҟәа.Аԥснытәии урыстәылатәии аҟазауаа рԥышәа аимадара, рырҵаҩратә ҟазара аизырҳара иазырхоуп ари апроект рҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз апроект алахәылацәа, ахәыҷбаҳча "Алакә" аиҳабы Ирма Гәбазԥҳаи ахәыҷтәы рҿиаратә центр анапхгаҩы Есма Асабуаԥҳаи.Ахәыҷбаҳча аиҳабацәа раԥхьаӡакәны иалахәуп аиԥш зеиԥшу аҟазаратә школ. Дара ражәақәа рыла, арҭ амшқәа рзы иддырбо – иддырҵо гәахәарыла илыдылкылоит, иацу аҵаки ахәшьареи рыҭара уадаҩуп. Ашколтә семинар иалахәу ирҳәеит ажәытәи-аҿатәи еидбаланы, иахьатәи ахәыҷқәа рҭахрақәа ирықәшәо аматериал аиҿкаара шрылшо атәы
Александр Шьоууа амузыкатә проект ҿыц аԥиҵоит.Артистцәа ргәыԥ Аҳәынҭқарра ахада ифонд акультуратә ԥшьгарақәа рзы агрант иаиааит. Ашоу иалахәхоит Аԥсни Урыстәылеи рмузыкантцәа."Ари хәы змам аԥышәа аиуреи, аҟазареи абаҩхатәреи ҳәаа шрымам шьақәзырӷәӷәо проектуп. Ҳара ҳус ҳԥсы зегьы ақәҵоуп, убри аҟнытә ҳахыццакуеит акультурақәеи абиԥарақәеи реиларсырҭаҿ ииз амузыка, аԥшӡареи абжьы ӷәӷәеи шәырҳара", — ҳәа азгәеиҭеит Шьоууа.