Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа 200 нызқьмааҭ рҟынӡа ишьҭыхуп.Абри азы аӡбамҭа идикылеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба ҳәа аанацҳауеит ипресс-маҵзура.Иналукааша аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ-кавказҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа иаԥхьахә аиуразы аиндаҭлара хышықәса рахьынтә знык ирыларҳәоит. Апремиа ранаршьоит агуманитартә ҭҵаарадыррақәа русхк аҟны рылшамҭақәеи, Аԥсны аҭҵаарадырра аҿиаразы рлагалақәеи рзы. Апремиа иақәыз аԥара 2017 шықәса раахыс ишыҟац иҟан.
Аҟәа ақалақь аҩнуҵаҟа ауаажәларратә транспорт ҿыц — бжьаратәла атәарҭақәа змоу рыбжьаҵаразы аилацәажәарақәа цоит иҳәеит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҿы.Шәлымба иажәақәа рыла, иахьазы ибжьоу ауаажәларратә транспорт ирҭаху амаругақәеи иааидкыланы аремонт рызуреи ахарџь рацәа аҭахуп.Иахьатәи аамҭа иақәшәо, иманшәалоу атранспорт аԥышәаратә ҳасабла ибжьаҵахар ҟалоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Урыстәыла АфШәМ аусзуҩцәа Петербург ақалақь аҿы атеррористтә акт аԥдырҟәҟәааит.23 шықәса зхыҵуа аԥҳәызба атәылахьчаратә наплакы аусзуҩы имашьына ахалаҟаҵаратә рҭҟәацга шаҵалҵоз дақәыркит уи зыршаҳаҭуа авидео нҵамҭа аларҵәоуп .Лара ацәгьоура амҩаԥгара аҭыԥ аҿы даанкылан. Аԥҳәызба лҿы лықәшаҳаҭхеит украинатәи иҷыдоу амаҵзурақәа адҵа шлырҭаз, Европа атәылақәа руак аҿы атәылауаҩра аиуразы.Уи азы илыдыргалон аԥара машьынк дашьклаԥшны арԥжәага матәахәы аҵалҵар
Ахимиеи, афизикеи, аробототехникеи рҵаразы акомпиутерқәеи алабораториатә хархәагақәеи роураны иҟоуп 149 аԥснытәи ашколқәа.Ареспубликаҿы ари ахырхарҭала аусура иалагеит ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы имҩаԥысуаз афорум "Машук" аҿы аԥснытәи ашколқәеи ҳареи ҳаимадара ашьақәгылара ашьҭахь иҳәеит апроект анапхгаҩы Дмитри Пашьенко."Ҳара хаҭала ареспублика ашколқәа зегьы ҳрылсит, дасу ирҭаху еилаҳкаарц азы. Џьоукы ацифратә классқәа алырхит, егьырҭ — алабораториақәа, аа-школк дронла аҵара анагӡара рҭаххеит", — азгәеиҭеит иара.
Александр Шьоууа амузыкатә проект ҿыц аԥиҵоит.Артистцәа ргәыԥ Аҳәынҭқарра ахада ифонд акультуратә ԥшьгарақәа рзы агрант иаиааит. Ашоу иалахәхоит Аԥсни Урыстәылеи рмузыкантцәа."Ари хәы змам аԥышәа аиуреи, аҟазареи абаҩхатәреи ҳәаа шрымам шьақәзырӷәӷәо проектуп. Ҳара ҳус ҳԥсы зегьы ақәҵоуп, убри аҟнытә ҳахыццакуеит акультурақәеи абиԥарақәеи реиларсырҭаҿ ииз амузыка, аԥшӡареи абжьы ӷәӷәеи шәырҳара", — ҳәа азгәеиҭеит Шьоууа.