Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҧсны ахада Бадра Гәынба Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит."Шәара шәус шәазыхиареи, шәгәымшәареи, шәусура гәык-ԥсык ала шәазыҟазаареи Аԥсны атәылауаа зегьы ҳаҭыр ақәырҵоит, ҭабуп ҳәа ахырҳәаауеит", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.Иара Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи зегьы агәабзиара, аҭаацәаратә маншәалара, аҭакԥхықәра ду зцу рмаҵураҿы аринахысгьы ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.
Афонҿыцтәи аҳаԥы иахьа иахыҵит 50 шықәса.Ари арыцхә инамаданы аҳаԥы аусзуҩцәа "Аԥсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми зҽаԥсазтәыз русзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьоуп.Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.Акыр шықәсатәи русура, иҳараку рзанааҭдырра, акурорт-туристтә усхк аиӷьтәреи аҿиареи рҿы рлагала ду азы аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьоуп: Галина Аҩӡыԥҳа, Лаура Агрԥҳа, Лариса Аиԥҳа, , Сусанна Анқәабԥҳа, Римма Кәаӷәаниаԥҳа, Циала Лакоиаԥҳа, Лиудмила Ахԥҳа, Иулиа Малиаԥҳа, Клавдиа Матуаԥҳа, Лиудмила Анқәабԥҳа ,Беслан Ԥандариа, Луиза Ҭраԥшьԥҳа.
2002-2006 шықәсқәа рзы абжьаратә ҵараиурҭақәа ахьтәии араӡынии медалқәа рыла иалгаз, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны измауз иацы рнапаҿы ирыҭан.Аҵарашықәс еихызшьаало аушьҭымҭацәа ареспубликатә хәылԥазы аҟны амедалқәа занашьаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Sputnik Аԥсны апресс-центр ахантәаҩы Инал Лазбеи аԥсуа версиа аредактор-аҭыжьҩы Наала Хьециаԥҳаи.Ауснагӡатә Аԥсны аҵара аминистрра иаԥшьгамҭоуп, амедалқәа ранеишьеит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба.
Апроект "Ашколтә лабораториақәа. Аԥсны" аҳәаақәа ирҭагӡаны иҿыцу аҵаратә еиқәыршәақәеи амаҭәахәқәеи рзаахәан аԥснытәи ашколқәа ҳәа иҳәеит аҵара аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа. Иара иажәақәа рыла, апроект нагӡоуп Урыстәыла ахада игрант ацхыраарала."Ахимиеи, афизикеи, аробототехникеи рҵаразы акомпиутерқәеи алабораториатә хархәагақәеи роуеит аԥснытәи ашколқәа. Дара школцыԥхьаӡа рҭахрақәа ирықәшәо еиҿкаауп. Жәаҳәарада, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рзы ари цхыраагӡа дууп. Лабҿабатәи ахархәагақәа ирыбзоураны ахәыҷы амаҭәар ахь еиҳа аинтерес икуеит, еиҳагьы дадныԥхьалоит. Аҵара ахаҭабзиараҿы ари цхыраагӡамхар ауӡом", — иҳәеит Қәҭелиа.