Аҟәа амшныҳәа аҽны ацәыргақәҵа аартхоит

Sputnik
"Аҟәа. Аколлекционер иблала" ҳәа захьӡу ацәыргақәҵа артхоит аҳҭнықалақь амшныҳәа азгәаҭара инамаданы ииуль 5 рзы Абанк амузеи аҿы. Иарбан усумҭақәоу иалкаахаз, шаҟа цәыргақәҵахо, урҭ иабанӡарныԥшуеи Аҟәа аҭоурых, насгьы ацәыргақәҵа шаҟа мшы иаартызаауеи аҭааҩцәа рзы, арадио Sputnik аефир далахәуп Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы,аиҿкааратә усқәа рҳәаақәҵаҩ Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудио аҟны хыхь.