Амилаҭтә сахьатә галереиа Аҟәа аусура иалагоит

Sputnik
Абылра ду ашьҭахь Аҟәа Амилаҭтә сахьатә галереиа ахыбра ҿыц аатуеит иахьа. Амца иацәаанхаз ахьчареи, ҳауаажәлар агьама бзиа рылааӡареи, аҟазацәа русумҭақәа рыла акультуратә беиара аихаҳареи рзы асахьатә галереиа ҭыԥс иааннакыло, уи ашьақәыргыларазы ихымԥадатәиу, иҟаҵатәу, лшарас иҳамоу алацәажәаразы астудиахь иааԥхьан аҟазараҭҵааҩ, Асахьатә галериа аиҳабы Сурам Сақаниеи Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Амиран Адлеибеи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.