Ихадоу атемақәа

Sputnik
Ақалақьргыларатә кодекс аиҭакрақәа ралагалараҿы ихадоу – аргыларақәа рҿы аҳәынҭқарра еиҿнакаауазароуп азакәантә еизыҟазаашьақәа, аҳәынҭқарратә интересқәа иахьынӡазалшо хшыҩзышьҭра рыҭатәуп иҳәеит Апарламент адепутат Резо Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны."Аҳәынҭқарра аинтересқәа хшыҩзышьҭра рыҭаны аргыларақәа рҿы азакәантә еизыҟазаашьақәа еиҿкаатәуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, уажәшьҭа аҩнқәа рдәахьтәи аҭеиҭыԥши апроект аескизи аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа ақәшаҳаҭхароуп.
Аҟәатәи абаӷәаза азыҟаҵоуп Шәачантәи "Комета" адкылара. Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара асқьалаҿы аусурақәа хнаркәшеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс. Аӷба асқьала ианаадгылалак иԥымҿыртә аԥырҟьақәа шьақәыргылоуп, ақәчаԥақәа рҿыцуп, аныҟәаҩцәа ршәарҭадаразы иацҵан иҭыхкаауп. Шәачеи Аҟәеи рыбжьара раԥхьатәи аԥышәаратә ныҟәара азгәаҭоуп нанҳәамза 6 рзы. Аӡбара рыдыркылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсныҟа иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны абаӷәаза агәаҭараан.
Аԥсны иаатуеит раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи Ихырҳагоу Ацентр.Уи аԥҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит афорум "Территория смыслов" аҿы. Апартниорс иҟоуп агәыҳалалратә фонд "Киараз" ҳәа аанацҳауеит аволонтертә еидгыла Добро.рф."Иахьа ҳара инарҭбаау аусеицура аганахьала раԥхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵоит. Агәра ганы сыҟоуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ахатәгәаԥхаратә усуреи аимадара арӷәӷәареи рзы апроектқәа рацәаны ишҳазԥшу", — ҳәа иҳәеит Добро.рф. анагӡаратә директор Кирилл Антонов."Ҳара адырреи, алшарақәеи, амчи ҳауит хатәгәаԥхаралатәи аусура аҩаӡара ҿыц ахь ашьҭыхразы", — лҳәеит афонд "Кьараз" ашьаҭаркҩы Камма Гоԥиаԥҳа.
Есымза 40-ҩык рҟынӡа аԥснытәи ашколхәыҷқәа "Сириус" имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәыртә еиԥш алшара роуеит.Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аԥсны аҵара аминистрра ауаажәларра рымдараразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа."Жәаҳәарада ари еихьӡара бзиоуп ҳшколҳәыҷқәа рзыҳәангьы, ҳарҵаҩцәа рзыҳәангьы. Избан акәзар, ас амҽхак змоу, ҵарадыррала иҳараку аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа ҳшколхәыҷқәа ралахәхара аԥышәеизырҳагоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Иҳәеит, мышқәак рыла "Сириус" ишаартхо абиологиеи афизикеи ахырхарҭақәа рыла апрограммақәа. Уаҟа 8-9-тәи аклассқәа рҵаҩцәа адаҟьаҿ рыҽҭагалан рхы аладырхәыр шрылшо.