Атапанчақәа рныҟәгаразы аԥҟарақәа еилазго атәылауаа абџьар рымххоит, абри атәы иҳәеит атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара аҟәша аиҳабы Лоу Инал-иԥа. Зыӡбахә ыҟоу абџьар амазаареи аныҟәгареи рзы азин зауз, аха ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы иаартны атапанчақәа ҭрада, еиҵаҵаны иныҟәызго роуп ҳәа иҳәеит иара. Азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи рҿы ареидқәа рымҩаԥгара иалагеит, аиԥш зеиԥшу ареидқәа ақалақьқәеи араионқәеи рҿгьы имҩаԥыслоит. Аԥҟара еилазго абџьар аныҟәгареи амазаареи рзы азини уи аахәаразы алицензиеи рымххоит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аспорт азы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа анапхгаҩы Дмитри Иванов диԥылеит. Ҳагба иазгәеиҭеит, аҳәынҭспортеилаки адирекциеи 2023 шықәса раахыс аус шеицыруа, уи иҟанаҵо адгылара иабзоураны аԥсуа ҿар раԥхьаӡа акәны Сириус имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль рхы шаладырхәыз. Дмитри Иванов адкыларазы иҭабуп иҳәеит, ицәажәараҿы иазгәеиҭеит, арахь иаара аҩ-ҳәынҭқаррак рҿартә еиҿкаарақәеи аҿартә политика назыгӡо аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыбжьара азанааҭтә еимадарақәа рыҿиаразы шьаҭас ишыҟало.
Аҳәынҭдума адепутат, аплатформа Добро.рф анапхгаҩы Артиом Метелев дырԥылеит аԥснытәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. "Аԥснытәи аҿар рыблақәа цырцыруеит, агәаҳәара ду аадырԥшуеит. Ҳаргьы гәыкала ҳдыррақәеи ҳԥышәеи рымаҳдеит", — ҳәа иҩуеит иара и-Telegram-канал аҿы. Метелев иазгәеиҭеит аԥснытәи аиҿкаарақәа аԥышәа ду шрымоу, дара ақыҭауааи аибашьра аветеранцәеи ишрыцхраауа, ахәыҷқәа рзы "Агәазыҳәара аԥсаӡ" шеиҿыркаауа. Иара иазгәеиҭеит хара имгакәа Аԥсны ишаадыртуа аҿартә программақәа рыҿиаразы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа адгылара рызҭало Агәыразра.Ацентр.
Аԥсны аӡбахә ауаа рацәа ираҳартә еиԥш ареспубликаҟны жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатә дуқәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа адиректор хада Дмитри Иванов. "Аԥсны имҩаԥыжәго жәларбжьаратәи усмҩаԥгатә дук аиҿкаареи азыҟаҵареи ҳхы алаҳархәуеит ҳаргьы", — иҳәеит Иванов, Вахтанг Ҭыжәбеи иареи реиҿцәажәараҿы.