Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла иҭахаз украинатәи аруаа зықьҩык рыԥсыбаҩқәа рырҭеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 Sputnik. Урыстәыла иҭахаз украинатәи аруаа зықьҩык рыԥсыбаҩқәа рырҭеит сҭампылтәи аиҿцәажәарақәа инарықәыршәаны.
Уи аҭакс Киев иархынҳәит иҭахаз урыстәылатәи аруаа 19-ҩык рыԥсыбаҩқәа, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа аҩбатәи рраунд мҩаԥысит рашәарамза 2 рзы. Атҟәацәа реиҭныԥсахларазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.