Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аминистрцәа реилазаара рԥылараан "Иеиҭарҿыцхо афымцамчхара ахыҵхырҭақәа рзы" азакәан апроект атәы далацәажәеит. Апроект аҳәынҭқарреи, иеиҭарҿыцхо афымцамчхара ахыҵхырҭақәа рҭыжьҩцәеи, реиқәыршәаҩцәеи, рхархәаҩцәеи рыбжьара азинтә, аиҿкааратә, аекономикатә еизыҟазаашьақәеи афинанстә шьаҭақәа рышьақәыргылареи рҳәаақәҵара хықәкыс иҟаҵаны аус адулоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Амедицинатә класс цәыббрамза 1 инаркны аусура иалагоит Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҿы. Ажәбатәи акласс аҵаҩцәа раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵашьа ддырҵоит, арепетиторцәа рыда амедицинатә ҵараиурҭақәа рҭаларазы аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы алшара роуеит. Наҟ-наҟ ҷыдала ари ахырхарҭа алагалахоит 10-11-тәи аклассқәа рҟны ҳәа еиҭалҳәеит Аԥсны аҵарадырра аминистрра азеиԥш бжьаратә ҵараусбарҭа аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа. Уажәазы апрофильтә программа ашьақәырӷәӷәара иаҿуп. Арҵаҩцәа реилазаара еилкаауп, аиҿкааратә усқәа зегьы нанҳәамза 20 рҟынӡа иӡбахоит.
Жәларбжьаратәи агастро-агрофестиваль мҩаԥгахоит Пицунда ԥхынгәымза 23-25 рзы. Уи рхы аладырхәуеит Аԥсни Урыстәылеи аарыхыҩцәа, арестораторцәа, ахәыҟаҵаҩцәа, афермерцәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкааҩцәа руаӡәк Демид Ҳагба."40 павильон ргылахоит. Апрограмма ҭбаауп, уахь иаҵанакуеит агьамабаратәи анхацәа раарыхра ахьӡырыргои аҭыԥқәа, аспорттә уснагӡатәқәа, асасцәа рзы аус рулоит аниматорцәа. Аныҳәа Пицунда Ақалақьь амш аҳаҭыраз имҩаԥыргоит", — иҳәеит Ҳагба.Аныҳәа ахыркәшаратә амш аҽны Аԥсни Урыстәылеи рвокал-хореографиатә коллективқәа злахәу аконцерт мҩаԥгахоит, уи ашьҭахь асалиут.
Гәдоуҭа амаининг азы ахархәагақәа хәба рыԥшааит. Аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аусзуҩцәеи Аԥсны АШәМ рыцхыраарала ԥхынгәы 17 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы иԥшаан Аԥсныҟа закәаншьаҭада иаагаз акриптовалиута арҳаразы амаининг хархәагақәа хәба ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы. Очамчыратәи амҩа 37 аҿы ирыԥшааит х-аппаратк, егьырҭ ҩ-аппаратк рыԥшааит агәыларатәи 35-тәи аҩнаҿы. Аппаратқәа афымцаҳақәа ирҿыԥшьымызт.