Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Азакәанеидкыла "Административ-еилагаратә усқәа рзы аусӡбареиҿкаара азы" аиҭакрақәа аланагалеит. Урҭ аҳәаанырцә тәылауаа атәылаҿ рыҟазаареи, рынхареи, рџьатә усуреи ррежимқәа реилагаразы амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа ишьақәдыргыло административтә ԥкаанҵақәа ирццакны рыхәаԥшра ауп иззырхоу ҳәа иҳәеит адепутат Дауҭ Хәытаба. Аҭакԥхықәра аҵаркразы ақәҵара рыдыркылар алшоит аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭратә ҭыԥқәа рҿы – аус аӡбарҭахь инашьҭымкәа, атерминал ала ахараԥса иршәареи арежим аилагаҩ Аԥсны иалҵреи ирхылаԥшны.
Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба Гәылрыԥшь араион аҟны депутатс иалырхыз Асҭамыр Џьопуа иколлегацәа дыдирдырит. Адепутатцәа еицҿакны рыбжьы рҭиит иара атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы ахеилаки аҵареи, аҭҵаарадырреи, адинхаҵареи, аинформациатә хархәагақәа рызҵаарақәеи рзы ахеилаки иалагаларазы. Алхырҭатә ҭыԥ хада №26 аҿы абжьыҭира мҩаԥган ԥхынгәы 26 рзы. Депутатс далхын Асҭамыр Џьопуа.
Аԥснытәии Никарагуатәии анаплакҩцәа реимадара аекономикатә лҵшәа бзиаӡа аанарԥшыр алшоит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц."Ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысыз никарагуатәи анаплакҩцәа дуқәа реиқәшәара, жәаҳәарада, узыршанхо акоуп. Уи азы Никарагуатәи аган ҭабуп ҳәа раҳҳәоит", — ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы.Барцыц иазгәеиҭеит, Аԥснытәи абизнесменцәагьы иаадырԥшыз рзанааҭдырра шазгәарҭаз Никарагуа ахаҭарнакцәа.
Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ӡыла реиқәыршәара азҵаара сынтәа иӡбатәуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Иара иахьа Дәрыԥшь ақыҭан иҟоу аӡеизакырҭа даҭааит. Уи ақыҭақәа быжьба: Хыԥсҭа, Ҟәланырхәа, Жәандәрыԥшь, Абӷархықә, Дәрыԥшь, Хәаԥ, Мгәыӡырхәа, иара убас Гәдоуҭа ақалақь ахәҭак ӡыла еиқәнаршәоит. Аԥхынрамзқәа раан араион аҿы аӡазы аиԥҟьарақәа ҟалалоит. Уи зыхҟьо Хыԥсҭа аӡиас ахьыӷӷархо ауп.