Ихадоу атемақәа

Sputnik
Москватәи азоопарк азхиоуп Аԥсны иҭакны ирымаз амшәқәа ԥшьба рыдкылара ҳәа иҳәеит аекологиеи аԥсабара ахархәареи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко.Арадио Sputnik аефир аҿы иазгәеиҭеит, уажәазы аҳәаа ахысразы аусшәҟәқәа рызҵаара аӡбара ишаҿу.Соломко иажәақәа рыла, есышықәса маӡала Аԥсныҟа иааргоит аекзотикатә ԥстәқәа рыхк ҿыцқәа. Сынтәа акрокодилгьы уи асиа иацлеит.Убри аан, иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳазалхратә хылаԥшра арӷәӷәара иазырхоу аусурақәа шымҩаԥысуа, уи иабзоураны есышықәса аҳәаа иахырго рхыԥхьаӡара шеиҵахо.
Хьыбла Гьерзмаԥҳаи Шьукин ихьӡ зху Атеатртә институт аректор Евгени Книазеви Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иахь аҳәара ҟарҵеит Аԥсуа драматә театр аҿиара адгылара аиҭаразы.Книазев инаҵшьны иазгәеиҭеит атеатр абызшәа ахьеиқәхо аҭыԥқәа ишреиуоу. Аха ахәаԥшцәа аспектакльқәа рахь инеиларц азы, урҭ рыҩаӡара даара иҳаракызароуп ҳәа."Сара исҭахуп Аԥсуа театр аҿиара аиурц, Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр еиҵамкәа ахьӡ-аԥша амазарц", — иҳәеит Евгени Книазиев
Аҟәа аԥшаҳәаҿы "Брехаловка" ҳәа изышьҭоу акаҳуажәырҭа азааигәара хә-сакура ҵлак еиҭаҳахеит. Урҭ еиҭарҳаит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Евгени Книазеви афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аартра аламҭалазы.Ари ала 2022 шықәсазы излагаз атрадициа иацҵоуп. Усҟан аопера аеҵәахә Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа 8 сакура ҵла еиҭалҳаит. Хьыбла Гьерзмааԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны лымч азҭазҵо ҭыԥны ишыҟоу.
Аԥсны 2025 шықәса нанҳәамзазы зегь реиҳа иалыркаауа атуристтә ҭыԥқәа хәба рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп.Иҭиу атурқәа рҟынтәи 7,4% Аԥсныҟоуп иахьыҭиу ҳәа аанацҳауеит АТОР.Аԥхьагылара ааннакылоит Ҭырқәтәыла – 38,4%, уи иашьҭанеиуеит: Мысра – 16,2%, Урыстәыла – 14,2%, Еиду Арабтәи Аемиратқәа – 7,2%.Иара убас, жәаба рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Таиланд, Виетнам, Китаи, Мальдивы – абарҭ ахырхарҭақәа зегьы аизҳара аадырԥшуеит.