Жәлар реизара адепутатцәа рыбжьы арҭеит атәанчахәы зауа 6 категориак ирзацҵазарц есымза ироуа ртәанчахәы. Уи адагьы, Чернобльтәи арыцҳара ду иалахәыз рзы ашәарақәагьы еиҳартәит. Аԥарақәа азоужьхоит Атәанчахәытә фонд аҟынтә. Арадио Sputnik аефир аҿы арҭ аԥсахрақәа ахҳәаа риҭеит Аԥсны атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәлариа.
Шәазыӡырҩы аподкаст.