Ихадоу атемақәа

Sputnik
Гал араион аҿы аплиажқәеи амшын аҟәарақәеи ргәаҭарақәа мҩаԥгахоит.Гал араион ахада Константин Ԥлиа имҩаԥигаз аилатәараҿы ишәарҭоу аҭыԥқәа ралкаареи амшын аԥшаҳәаҿы агәҽанҵаратә дыргақәа рышьақәыргылареи ртәы далацәажәеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа."Аилацәажәараҿы, иара убас, ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа зегьы иахьрықәныҟәо, аӡҭаларазы ишәарҭадоу плиажк аиҿкаара аидеиа иалацәажәеит.Нанҳәа 3 рзы Гал араион аҿы ажәабатәи акласс аҵаҩы дӡааҟәрылеит. Арыцҳара иҟалаз иахҟьаны лаб иашьа иԥсҭазаара далҵит.
ПСБ аҿы еиҭарҳәеит ацәгьоуцәа рҟынтә ахыхьчара шауа.Ацәгьоуцәа рхықәкы – изакәантәым аусқәа рымҩаԥгаразы атәымуаа рдыррақәа роура, ма ауаҩы ихаҭа иԥара риҭартә аҟаҵара.Шәрымжьарц азы иаҭахуп: ▪️ Ацифратә хыхьчара. Аофициалтә саитқәа рҟынтә мацара ацҵақәа рҭагалара. Аелектронтә шәҟәқәеи асаитқәеи рҭыӡҭаҭыԥқәа ргәаҭара, антивирусқәа рырҿыцра, аԥара мариала ишәоуеит ҳәа зҳәо акциақәеи аҭҵаарақәеи аҽрыламырхәра.ПСБ ишәгәаланаршәоит, шәыԥхьаӡамҭақәа рганахьала афинанстә операциақәа рзы адыррақәа абри аномер 4444 ала игәашәҭар шшәылшо.
"Адгьылқәа зхы иақәиҭу ҳҭаххоит. Иахьа 30 нызқь гектар адгьылқәа ус ишьҭоуп асовет ҳәынҭқарра аныҟаз аус здырулоз, убарҭ зегьы ахархәара роуеит. Ҳара аграртә республикоуп, уи ҳзацәцаӡом, ҳкурортгьы аграррагьы еицҿиалароуп. Убри аҟынтәи ҳара иахьа акатегориақәа даҽа категориак ахь ииаҳгар, уажәазы ишәарҭоу егьыҟам, аха уашьҭан ианаҳҭаххалак, апроблема ҳауеит", иҳәеит арадио Спутник аефир аҿы ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа
Донецктәи жәлар рреспублика ахьчаҩцәа анҭаха ашьҭахь рыхьӡала амедалқәа ранашьара мҩаԥган Гәылрыԥшь араион аҿы .Владимир Тумак иааирԥшыз агәымшәареи ахамеигӡареи рзы аҳамҭа ҳарак "Агәымшәараз" ианашьоуп. "Аибашьратә еиҩызаразы" амедал ранашьахеит Роман Нерсесиани, Олег Бебиеи ҳәа аанацҳауеит араион Ахадара.Амедалқәа иҭахаз аибашьцәа рыуацәа ирыҭан, араион зегьы аҟынтәи ҭабуп ҳәа раҳәаны, адгылара шрырҭо аарԥшны.
Гагра нанҳәамзазы Аԥсны зегь реиҳа иалырхуа курортны иҟалеит, уи аҿаҵарақәа рхыԥхьаӡараҟынтә 41% ааннакылоит. Аҟәа аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит (18,3%), иара аҭаххара акырӡа иазҳаит аҳаирбаӷәаза аартра иабзоураны. Пицунда ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.