Ашкол ахәыҷы дахьааӡо ҭыԥзароуп: Астратегиатә сессиа алахәыла иацәажәара

Sputnik
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәала ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа ашколқәа рдиректорцәеи арҵаҩцәеи рзы имҩаԥгаз Астратегиатә сессиа рхы аладырхәит. Аиԥылараҿы излацәажәаз зҵаара хаданы иҟан ашколқәа рҿы адыррақәа рыҭара мацара акәымкәа, ауаҩы иааӡара ҭыԥны аҟаҵара. Уи азы иарбан хыдҵақәоу ааӡаҩцәа рхахьы иргар акәу, ҳаамҭазы иарбан хьысҳаракәоу иҟоу ахәыҷы ихаҭара ашьақәгылараҿы, имилаҭтә хаҿсахьа амырӡаразы иаҭахыи, уи знеишьақәас иазыԥшаатәузеи? Абарҭқәа рзы игәаанагара иҳәеит Аҟәатәи ашкол- интернат аҵараааӡара аҟәша аиҳабы Басхан Чачхалиа.
Аицәаҽәара аудиофаил аҟны хыхь.