Псковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведерников усутә ныҟәарыла Аҟәаҟа дааит. Иара Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанбеи, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини ицны ашәҭқәа шьҭарҵеит абжьаҟазаратә мчқәа рынагӡараан иҭахаз урыстәылатәи аруаа рбаҟа амҵан, иара убас иргәаладыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи раан иҭахаз аибашьцәа.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеии Псковтәи аобласт аҭоурыхтә музеи-ҳәырԥсарреи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Рнапы аҵарҩит амузеиқәа рнаԥхгаҩцәа Мзиа Беиԥҳаи Наталиа Субботаи. Аусшәҟәы иаҵанакуеит еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәеи аконференциақәеи рымҩаԥгара, ацәыргақәҵақәа реиқәыршәара, аметодикатәи адырраҭаратә материалқәа реимдара, амузеитә материалқәа рфото-видеоеимадарақәа рымҩаԥгара. Анапы аҵарҩаанӡа, агубернатор Михаил Ведерников наԥхгара зиҭоз Псковтәи аобласт аделегациа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьаан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит.
Гал араион аҿы ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоу аплиаж аартра азгәаҭоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа. Иара иажәақәа рыла, ари аҩыза аплиаж араион аҿы иҟамижьҭеи 30 шықәса инареиҳаны иҵуеит. Убри аан, аҭыԥантәи ауааԥсыра амшын аҿы рҽыркәабоит, аха урҭ зегьы ишәарҭам аҭыԥқәа алкаан ирыздырӡом. "Араион анапхгара ҳаҳәеит аӡшыцә ҭаҳҵаарц, амшын аҭалара ахьалшо аҭыԥқәа ралхразы. Аплиаж ишахәҭоу еиԥш иазыҟаҵатәуп, ашәарҭадара ыҟамзарц азы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Сабуа.
Аԥсны атуристцәа рхыԥхьаӡарала иҳаҩсыз ашықәс аҩаӡара аҟынӡа инеир ҟалоит, уимоу уи иахысыргьы алшоит ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны урыстәылатәи атуристәеилахәыра аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов. Иара иажәақәа рыла, акурорттә аамҭазы ахашәалахәы ҵыԥх аасҭа еиҵахар алшоит, избан акәзар асасааирҭатә сегмент аҭираҿы иҟалаз аԥсахрақәа ирыхҟьаны, атуристцәа рҭаара еиҵахеит.