Аԥсни Псковтәи аобласти рыбжьара аҳаиреимадара абжьаҵара иалацәажәеит аԥыза-министр Владимир Делбеи аобласт агубернатор Михаил Ведерникови. "Ҳара даара ҳақәгәыӷуеит ари апроект анагӡара, Псковтәи аобласт аганахь алагьы. Сара даҽазныкгьы ишьақәсырӷәӷәоит аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳашрыдгыло", — ҳәа азгәеиҭеит Делба. Аминистрцәа реилазаара аиҳабы иҳәеит аганқәа аекономикатә, асоциалтә, акультуратә усхкқәа рҿы аҩганктәи русеицураҿ ихадоу ахырхарҭақәа ишрылацәажәаз, нанҳәа 25 рҟынӡа еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рыплан аус адуларазы ишеиқәшаҳаҭхаз.
Аҟәа Аиустициа аминистрра иаҵанакуа акриминалистикатә экспертиза Ареспубликатә ҭҵаарадырратә институт аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатә хацыркхеит. "Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, 30 шықәса рыҩнуҵҟа шәара "аҵабырг агеологцәа" шәоуп, избанзар аҵабырг лассы-лассы иԥшаатәуп. Шәара шәмаҵзура, шәусура, шәааԥхьара аиашара иазырхоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аиустициа аминистр Анри Барцыц. Иара аусзуҩцәа рзанааҭдырреи, русурахь иаадырԥшуа агәацԥыҳәареи, абзиабареи, Урыстәылантәи рколлегацәа – аԥснытәи аусбарҭаз иҟарҵо адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Гал араион аҟны хәымш рыҩнуҵҟа имҩаԥысуаз амедицинатә гәаҭарақәа ирхысит 250-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рҟнытә аӡәы Урыстәылаҟа дышьҭны ацхыраара лыҭатәуп иҳәеит араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гамгьиа, аҳақьымцәа имҩаԥыргаз аҭҵаарақәеи урҭ рлыҵшәақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгыло. Аамҭа кьаҿла имҩаԥысыз адиспансеризациа ахәшьара бзиа аҭо иҳәеит, араион ауааԥсыра уажәыгь ишрыдҵаало, аԥхьаҟагьы ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә шазгәаҭоу. Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.
Очамчыра араион аҿы аӡымҩангага аԥсахразы аусурақәа ирылагеит. Акоммуналтә усбарҭақәа раамҭа аҿҳәара нҵәахьан 15 шықәса раԥхьагьы. Аӡеизакырҭақәа руак иҳаҩсыз ашықәсазы еиҭашьақәыргылан, уажәы километрки бжаки инаӡо атруба хада шьҭарҵараны иҟоуп. Ари, ақалақь ӡыла аиқәыршәара акырӡа еиӷьнатәуеит ҳәа иҳәеит араион ахада Алхас Кациа Ochamchira_inform аинтервиу аҭо.