1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит иахьа Аҟәа.Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы игылоу абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан. Уи рхы аладырхәит атәыла анаԥхгара, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ, аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларра.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба 1992-1993 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 33 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит.Уаҟа игәалаиршәеит нанҳәа 14 1992 шықәсазы ақырҭуа ар Аԥсны ианақәаз, инаҵшьны иазгәеиҭеит зхақәиҭра ахьчара зылшаз аԥсуа жәлар ргәымшәара."Зхы зыԥсы ахҭанҵаны иахьа ҳаԥсадгьыл ҳақәӷьацартә алшара ҳазҭаз Афырхацәа ргәалашәара ҿаԥхьа ҳхырхәоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.Бадра Гәынба дазааҭгылеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ҳтәыла аиааира азаагараҿы иааникыло аҭыԥ .
Афонд "Ашанеи" амедицинатә центр "Альба Меди" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.Ацентр ҭырқәтәылатәи иреиҳау ахатә медицинатә холдинг ахәышәтәырҭақәа рҳа "Acıbadem" иахаҭарнакуп. Уи иаҵанакуеит 22 хәышәтәырҭеи 16 поликлиникеи, еиуеиԥшым амаҵзурақәа рацәаны имҩаԥнагоит: акьыбачымазарақәа рыхәшәтәра, ацәеижьхәҭақәа ртрансплантациа, агәы, анеирохирургиа уҳәа убас иҵегьы.Аиқәшаҳаҭра афонд ачымазцәа арҭ амаҵзурақәа рхархәара рылшо иҟанаҵоит, иара убасгьы алогистикеи егьырҭ азҵаарақәеи рыӡбараан иарманшәалоит.
Баслахә ақыҭан афымцаҳақәа хәҭакла реиҭарҿыцразы аусурақәа хыркәшоуп.Ишьақәыргылоуп атрансформатор ҿыц, иҵаргылоуп абетонтә шьаҟақәа ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.
Афымцадәыҕба "Диоскуриа" дәықәлеижьҭеи 70 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ныҟәнагеит ҳәа арадио Sputnik аҿы иҳәеит Аԥсны аихамҩақәа рынџьныр хада Леонид Ҟәыруа.Уи иажәақәа рыла, ауаа 70-75 процент адәыҕба дырҭәит. Афымцадәыӷба "Диоскуриа" лаҵарамза 1 инаркны Аҟәа - Сириус амаршрут ала аныҟәара иалагеит.
Нанҳәамза 16 рзы Аԥсны иаатуеит ашәарыцаратә сезон ҳәа арадио Sputnik аҿы иҳәеит Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи реилазаара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа. Асезон аатуеит ачашәара ала, егьырҭ аԥсаатәи ашәарахи макьана урзеишәарыцар ауӡом ҳәа инаҵишьит иара. Кәыҵниа ачашәара аԥҟарақәа ртәы дазааҭгыло, иҳәеит макьана зныктәи аҭыҵраан 20 еиҳаны ача ушьыр шыҟамло, иара убас ашәарыцаратә сезон аанӡа, ачашәара аҭыҵра шыҟамло, аха уи еилазго ашәарыцацәагьы шцәырҵхьоу.