Бадра Гәынба Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ҳаҭырла дигәалаиршәеит. Аԥсны раԥхьатәи ахада анышә дахьамадоу Алада Ешыра ақыҭан ашәҭқәа шьҭаҵан .
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба 1992-1993 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 33 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит.Уаҟа игәалаиршәеит нанҳәа 14 1992 шықәсазы ақырҭуа ар Аԥсны ианақәаз, инаҵшьны иазгәеиҭеит зхақәиҭра ахьчара зылшаз аԥсуа жәлар ргәымшәара."Зхы зыԥсы ахҭанҵаны иахьа ҳаԥсадгьыл ҳақәӷьацартә алшара ҳазҭаз Афырхацәа ргәалашәара ҿаԥхьа ҳхырхәоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.Бадра Гәынба дазааҭгылеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ҳтәыла аиааира азаагараҿы иааникыло аҭыԥ .
Гәдоуҭа, Сергеи Дбар ихьӡ зху амузеи аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраантәи акарикатурақәеи афронт аҟынтәи асалам шәҟәқәеи рцәыргақәҵа аатит.Амузеи адиректор Гәыгәца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, аекспозициа иаҵанакуеит Руслан Габлиа карандашьла иҭихыз аԥсуа еибашьцәа рпатреҭқәа жәаба, Қырҭтәыла амчреи ари ирхыччоз акарикатурақәа, иара убас, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа илыҭаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирҩыз 293 шәҟәы рыхкьыԥхьаақәа.
Урыстәыла ахада Владимир Путини ЕАА рхада Дональд Трампи реиԥылара мҩаԥысуеит Алиаска Анкоридж аҿы нанҳәа 15 москватәи аамҭала асааҭ 22:30 рзы иҳәеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков. Иара иазгәеиҭеит, аицәажәара шымҩаԥысуа аиҭагаҩцәа алархәны тет-а-тет аформат ала.
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу апарк аиӷьтәра иазку апроект азы абжьыҭира аатит.Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсшьарҭа ҭыԥқәеи, ахәыҷыхәмарырҭақәеи, аӡыршәи азԥхьагәаҭоуп. Иара Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рзы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡахоит.Аусурақәа 2025 шықәса анҵәамҭанӡа рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп.Онлаин-бжьыҭира нанҳәа 20 рҟынӡа имҩаԥысуеит.
Афымцадәыҕба "Диоскуриа" дәықәлеижьҭеи 70 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ныҟәнагеит ҳәа арадио Sputnik аҿы иҳәеит Аԥсны аихамҩақәа рынџьныр хада Леонид Ҟәыруа.Уи иажәақәа рыла, ауаа 70-75 процент адәыҕба дырҭәит. Афымцадәыӷба "Диоскуриа" лаҵарамза 1 инаркны Аҟәа - Сириус амаршрут ала аныҟәара иалагеит.
Баслахә ақыҭан афымцаҳақәа хәҭакла реиҭарҿыцразы аусурақәа хыркәшоуп.Ишьақәыргылоуп атрансформатор ҿыц, иҵаргылоуп абетонтә шьаҟақәа ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.