Нанҳәа 15 — Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирымшуп. Иахьа Гәдоуҭа иргәаладыршәеит хатәгәаԥхарала Аԥсны зыхьчоз аибашьцәа.Аҳәынҭқарра анапхгара, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларратә хаҭарнакцәа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит ахатәгәаԥхарауаа рбаҟа амҵан.
Нанҳәа 14 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, раԥхьатәи амшқәа инадыркны хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны ахьчараз иааит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи, Урыстәыла аладантәи, Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иорданиантә, ахара аҳәаанырцәынтәи аибашьцәа-хатәгәаԥхаҩцәа.Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2300-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык ахатәгәаԥхаҩцәа
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи Азакәанԥҵаратә еизара ахантәаҩы Александр Бельски наԥхгара зиҭо аделегациа дырԥылеит иацы . "Иахьа ҳара ҳзы агәаларшәаратә, афырхаҵаратә мшуп. Ҳара иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара ҳаҭыр ахьақәышәҵо азы", — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.Иара убас, аганқәа алацәажәеит Аԥсни Санкт-Петербурги русеицура алшарақәа ртәы.
Тирасполь иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра аԥхьа агәаларшәаратә ҭыԥ аадыртит.Нанҳәа 14 рзы адипхаҭарнакра ахыбра аԥхьа 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагара иазку атематикатә баннер дыргылеит ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.Абаннер аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Приднестровиеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рдипломатцәа, ауаажәларреи АИХ-қәеи рхаҭарнакцәеи. Иара убас, арратә хҭысқәа ирызку архивтә фотосахьақәеи авидеосахьақәеи дырбан.
Аԥсны иаԥҵатәуп Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа ргәалашәарақәа зну иаку адырраҭаратә база ҳәа азгәеиҭоит аполитолог Александр Студеникин. "Иахьатәи аҭоурых иааигәаны, еилкаау ак акәушәа ҳбоит, аха аамҭа цацыԥхьаӡа уи харахоит. Аҵак ду амоуп урҭ аамҭақәа шаҟа инагӡаны рҭаҩра ҳалшо",иҳәеит иара. Аполитолог игәаанагарала, аибашьра аҭоурых еиҭаҳәатәуп ҳаамҭазтәи аформатқәа рыла – икьаҿу, насгьы иугәалашәо авидеосахьақәа рыла.
Гагра ақалақь аҿы акцизтә дыргақәа зқәым аҭаҭынаалыҵ рбеит.Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа иааидкыланы 140 500 мааҭ зыхә ыҟоу 626 ҭоԥ аҭаҭын зтәыз ирымырхит ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы.Атауар рымхуп. Аус аматериалқәа аусеилыргареи аҳазылхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы инашьҭуп.