Владимир Путин Бадра Гәынба иирамш идиныҳәалеит Урыстәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, ааԥынразы Москва имҩаԥысыз аиԥыларақәа Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аиҩызаратә ҟазшьа шрымоу шьақәдырӷәӷәеит ҳәа."Жәаҳәарада, ҳара аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу актуалтә зҵаарақәа рзы еицаҳзеиԥшу аконструктивтә усура ҳҿаԥхьа иқәҳаргылоит – ҳажәларқәа рзы, арегионтә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рыхьчаразы", — ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҿы.Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев, Урыстәыла афедералтә усбарҭақәеи асубиектқәеи рнаԥхгаҩцәеи Аԥсны ахада иирамш идырныҳәалеит.
Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Санкт-Петербургтәи Азакәанԥҵаратә Еизара ахантәаҩы Александр Бельскии Нона Мол-оӷлы агәалашәаратә ҳамҭақәа лырҭеит.Мол-оӷлы заҵәык лоуп иахьазы аблокада иацәынханы иҟоу рҟынтә ареспубликаҿы инхо. Лара аҩадатәи аҳҭнықалақь ахь изныкымкәа дцахьан, Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵреи Аиааира 80 шықәса ахыҵреи ирызкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа лхы рылалырхәхьан, агубернатор диԥылахьан.
Аԥсны иаԥҵатәуп Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа ргәалашәарақәа зну иаку адырраҭаратә база ҳәа азгәеиҭоит аполитолог Александр Студеникин. "Иахьатәи аҭоурых иааигәаны, еилкаау ак акәушәа ҳбоит, аха аамҭа цацыԥхьаӡа уи харахоит. Аҵак ду амоуп урҭ аамҭақәа шаҟа инагӡаны рҭаҩра ҳалшо", — ҳәа иҳәеит иара. Аполитолог игәаанагарала, аибашьра аҭоурых еиҭаҳәатәуп ҳаамҭазтәи аформатқәа рыла – икьаҿу, насгьы иугәалашәо авидеосахьақәа рыла.
*Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов Аҟәаҟа аҳаиреимадара аиҭашьақәыргылара ахҳәаа аиҭеит.Ақалақьқәа рыбжьара ишиашоу аҳаиреимадара аиҭашьақәыргылара еицырзеиԥшу аус ду иалҵшәоуп иҳәеит агубернатор."Ҳара акыр ҵуеит абри аганахьала аусура ҳаҿуижьҭеи, Урыстәыла ахада иҟаиҵаз адҵа наҳагӡеит. Ари Санкт-Петербурги Аԥсни руааԥсыра рзы акыр зҵазкуа хҭысуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беглов.Нанҳәа 14 рзы Аҩадатәи аҳҭнықалақь аҟынтәи раԥхьатәи аҳаирплан Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит.
Ԥсоу-Аҟәа амҩаду иахьаҵанакуа авидеорбагақәа иқәгылоу иаадырԥшит 50 нызқь инареиҳаны амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа ртәы ҳәа азгәеиҭеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу азҭаз Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба. Иара иажәақәа рыла, идыршәоу ахараԥса 25 миллион мааҭ инареиҳаны иҟоуп. Ахьырхәра рҽацәырыхьчарц азы, амашьынаныҟәцаҩцәа шьоукы аҳәынҭқрратә номерқәа ԥсахны, мамзаргьы зынӡа ирымаӡамкәан амҩаду иануп. Ҳара аматериалқәа реизгара ҳалагеит, амаҵзурақәа рахь инаҳашьҭуеит, иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҩӡба.